Аокругтә алхратә комиссиақәа иахьа жьҭаара 2 рзы имҩаԥысыз алхрақәа реихшьаала ҟарҵоит
Аокругтә алхратә комиссиақәа иахьа жьҭаара 2 рзы имҩаԥысыз алхрақәа реихшьаала ҟарҵоит

Аокругтә алхратә комиссиақәа иахьа жьҭаара 2 рзы имҩаԥысыз алхрақәа реихшьаала ҟарҵоит, – ари атәы аалыцҳаит Ацентртә алхратә комиссиа апресспикер Наҭиа Иоселиани.

Наҭиа Иоселиани лажәақәа рыла, аихьшьаалатә аилатәара асааҭ 12:00 рзы иалагеит.

“Аокругтә алхратә комиссиақәа иахьа жьҭаара 2 рзы имҩаԥысыз алхрақәа раан аҭыԥ змаз аилагарақәа рыхәаԥшра аинстанциақәа зегьы рҿы иыркәшоуп. Убри аҟынтә аинстанциақәа зегьы рӡы ирыдыркылаз аӡбара цыԥхьаӡа реихшьаала ҟаҵатәуп. Иахьа, асааҭ 20:00 рзы Ацентртә алхратә комиссиаҿ еилатәара мҩаԥгахоит,” – илҳәеит Иоселиани.