Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 340 062​-ҩык, цәыббра 6 рзы алаҵа рзыҟаҵан 24 262-ҩык
Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 340 062​-ҩык, цәыббра 6 рзы алаҵа рзыҟаҵан 24 262-ҩык

Цәыббра 7 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит  1 340 062​​-ҩык ауааҧсыра,  – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 24 262-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 850 868-ҩык, аҩ дозак рзыҟаҵоуп  498 194-ҩык.

Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус  1 965 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 3 996-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 50-ҩык.