Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит  1 314 104​-ҩык, цәыббра 4 рзы алаҵа рзыҟаҵан 22 733-ҩык
Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 314 104​-ҩык, цәыббра 4 рзы алаҵа рзыҟаҵан 22 733-ҩык

Цәыббра 4 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит  1 314 104​-ҩык ауааҧсыра,  – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 22 733-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 362 608-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра 29,4%, аҩ дозак рзыҟаҵоуп  475 748-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра  16.7%.

Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус   2 210 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 5 587-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 74-ҩык.