Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 122 209​​-ҩык, нанҳәа 27 рзы алаҵа рзыҟаҵан 26 418-ҩык
Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 122 209​​-ҩык, нанҳәа 27 рзы алаҵа рзыҟаҵан 26 418-ҩык

Нанҳәа 28 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 122 209​​-ҩык ауааҧсыра,  – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан  26 734-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 760 899-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра 26,6%, аҩ дозак рзыҟаҵоуп  361 310-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра  12.7%.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус  4 247 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 3 053-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 74-ҩык.