Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 095 069-ҩык, нанҳәа 27 рзы алаҵа рзыҟаҵан 26 418-ҩык
Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 095 069-ҩык, нанҳәа 27 рзы алаҵа рзыҟаҵан 26 418-ҩык

Нанҳәа 26 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 095 069-ҩык ауааҧсыра,  – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан  26 418-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 749 754-ҩык, аҩ дозак рзыҟаҵоуп  345 315-ҩык.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус  4 031 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 4 585-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 73-ҩык.