Анна Фотыга – Сара азеиҧш шәарҭадареи адәныҟатәи аполитикеи рзы Евроеидгыла Ашықәстәи аҳасабырба Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ахьчаразы аҧсахрақәа алагалара аинициативала сықәгылеит
Анна Фотыга – Сара азеиҧш шәарҭадареи адәныҟатәи аполитикеи рзы Евроеидгыла Ашықәстәи аҳасабырба Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ахьчаразы аҧсахрақәа алагалара аинициативала сықәгылеит

Европарламент адепутат  Анна Фотыга лҳәамҭала, Қырҭәтыла аҵакырадгьылтә акзаара ахьчаразы,   шәарҭадареи адәныҟатәи аполитикеи рзы Евроеидгыла Ашықәстәи аҳасабырба аҧсахрақәа алагалоуп.

«Сара азеиҧш шәарҭадареи адәныҟатәи аполитикеи рзы Евроеидгыла Ашықәстәи аҳасабырба Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ахьчаразы аҧсахрақәа алагалара аинициативала сықәгылеит . Сара ахақәиҭра азықәҧараҿы ақырҭуа жәлар срыдгылоит», — илҧит  Анна Фотыга  Twitter аҿы.

Иара убас,  Анна Фотыга  аҧсахрақәа ртекстгьы цәырылгеит, уи аҿы Евроеидгыла, ампыҵахалатә мчқәа роуранагӡара иақәыӡбаны, Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нарыгӡарц.