Аныҳәамшқәа рзы алкогольтә интоксикациа рыдбалан 700-ҩык иреиҳаны
Аныҳәамшқәа рзы алкогольтә интоксикациа рыдбалан 700-ҩык иреиҳаны

Аныҳәамшқәа рзы алкогольтә интоксикациа ахыԥхьаӡара иазҳаит.

Қырҭтәыла Актәи аканал ахь Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаԥшра ацентр аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 2021 шықәса лаҵара 2 инаркны лаҵара 4, асааҭ 10:00-нӡа Қырҭтәыла атерриториаҿ алкогольтә интоксикациа рыдбалан 785-ҩык. Урҭ рҟынтә ахәышәтәырҭақәа рахь инаган 658-ҩык.

Аинтоксикациа 785 афактқәа рҟынтә Қарҭ – 281-ҩык аинтоксикациа рыман, ахәышәтәырҭахь инаган 226-ҩык. Қырҭтәыла арегионқәа рҿы – 504, ахәышәтәырҭа́қәа рахь инаган 432-ҩык.