Андреи Руденко дақәгәыӷуеит аепидҭагылазаашьа аиӷьтәра аишьҭахь Қырҭтәылаҟны аиваеимадара аиҭашьақәыргылара азҵаара ахәаԥшра шалшахо
Андреи Руденко дақәгәыӷуеит аепидҭагылазаашьа аиӷьтәра аишьҭахь Қырҭтәылаҟны аиваеимадара аиҭашьақәыргылара азҵаара ахәаԥшра шалшахо

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко дақәгәыӷуеит аепидҭагылазаашьа аиӷьтәра аишьҭахь Қырҭтәылаҟны аиваеимадара аиҭашьақәыргылара азҵаара ахәаԥшра шалшахо.

Ари атәы уи ааицҳаит урыстәылатәи аих данрацәажәоз.

Руденко Қырҭтәылаҟны авиаеимадаразы аԥкра “антиаурыс апровокациақәа зыхҟьаз” аамҭалатәи хҭысуп ҳәа иҳәеит.

“2019 шықәсазы иалагалаз аԥкра инақәыршәаны, урыстәылатәи авиаеилахәырақәа Урыстәылантә Қырҭтәылаҟа атәылауаа аҳаиртә мҩала риагара ҟалом, авиаеимадаразы аԥкра “антиаурыс апровокациақәа зыхҟьаз” аамҭалатәи хҭысуп. Қырҭтәыла анапхгара иҟалаз аҟынтә аурок роуит ҳәа сгәыӷуеит, аепидҭагылазаашьа аиӷьтәра аишьҭахь Қырҭтәылаҟны аиваеимадара аиҭашьақәыргылара азҵаара ахәаԥшра шалшахо сақәгәыӷуеит,” – иҳәеит Андреи Руденко.