Анапхгаратә партиеи аоппозициеи  алхратә реформа азҵаарақәа ирызку аиҧылара мҩаҧыргоит
Анапхгаратә партиеи аоппозициеи  алхратә реформа азҵаарақәа ирызку аиҧылара мҩаҧыргоит

 

Анапхгаратә партиеи аоппозициеи  алхратә реформа азҵаарақәа ирызку аиҧылара мҩаҧыргоит. Аиҧылара иалахәып анапхгаратә гәыҧи  Шарль Мишель идокумент знапы аҵазҩыз аоппозициатә партиақәеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи   рхаҭарнакцәа.

Дара алхратә администрациа аиҿкаареи алхратә кампаниеи ирызку азҵаарақәа ирылацәажәоит.

Аусуратә гәыҧ алахәылацәа Қырҭтәыла алхратә закәан аҿы аадырҧшыроуп Венециатәи акомиссиа абжьагарақәеи Шарль Мишель идокумент аҿы иарбоу азҵаарақәеи.

Аиҧылара мҩаҧысуеит  «Амбассадор Каҷреҭи» аҿы.