Амшцәгьа амшала Коби - Гудаури амҩатә цыҧҵәахаҿы  арыцқьаратә усурақәа изалагом
Амшцәгьа амшала Коби - Гудаури амҩатә цыҧҵәахаҿы арыцқьаратә усурақәа изалагом

Ҟазбеги ахада Алеқсандр Загашвили ишааицҳаз ала,  амшцәгьа амшала Коби – Гудаури амҩатә цыҧҵәахаҿы амҩа арыцқьаратә усурақәа изалагом.

Иара иажәақәа рыла,  аҭыҧаҿы шәҩык раҟара ауааҧсыра ацхыраара роухьеит.

«Ишыжәдыруа ала,  Джавари ахыҵхырҭаҿы асоуреи асыҧса ашәарҭареи  амшала,  Гоби – Гудаури амҩатә цыҧҵәахаҿы  ажьырныҳәа   11 инаркны аиҭаҵра аанкылоуп.  Иацы  100ҩык раҟара ауааҧсыра ҳрыцхрааит, афатә рызхнаҳгеит, 14ҩык асасааирҭақәа рышҟа иаагеит.  Аҧшацәгьа амшала амаҩа арыцқьаратә усурақәа ҳзалагом. Ахыҵхырҭаҿы аҭагылазаашьа цәгьоуп. Аиҭаҵра ианалаго макьана идырым. Амш анеилгалак,  амҩа арыцқьара ҳалагоит», —  иҳәеит  Загашвили.