Амшын Еиқәаҿ Натои Қырҭтәылеи рзыҟаҵарақәа мҩаԥган
Амшын Еиқәаҿ Натои Қырҭтәылеи рзыҟаҵарақәа мҩаԥган

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистра иаҵанакуа Амшынтә полициа аҟәарахьчаратә аӷьақәеи Нато аӷьақәеи Амшын Еиқәаҿ азыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистра аинформациа ала, азыҟаҵарақәа Нато аӷбақәа (SNMCMG2)  рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны мҩаԥган.

“Қырҭтәыла аган аҟынтә азыҟаҵара рхы аладырхәит аӷба “Сохуми”, Нато аӷбақәа  (SNMCMG2) иреиуоуп: Испаниатәи афлагман, Италиатәии Болгариатәии Румыниатәии Ҭырқәтәылатәии арратә ӷбақәа.