Амиран Гамҟрелиӡе  -  Қырҭтәыла «Омикрон»  макьана иаарҧшым, еиҧҟьарада амониторинг мҩаҧаагоит
Амиран Гамҟрелиӡе  -  Қырҭтәыла «Омикрон»  макьана иаарҧшым, еиҧҟьарада амониторинг мҩаҧаагоит

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҳамҭала, Қырҭтәыла акоронавирус аштамм ҿыц  «Омикрон» макьана аарҧшым.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, дара еиҧҟьарада амониторинг мҩаҧыргоит, алабораториақәа зегьы амутациа злаадырҧшыша апротоколқәа рымоуп.

«Абҵара анҵәамҭаз ҳара алабораториақәа зегьы апротоколқәа раҳҭеит. Уи инақәыршәаны, авирус амутациа аадырҧшыр рылшоит.  Иахьазы атәылаҿы аштамм ҿыц ала ачмазаҩхара афактқәа иҟам. Ҳара, хымҧада, аҧҟарақәа зегьы ҳрықәныҟәалароуп, зехьынџьара асабрада ҳҿазароуп, избанзар, Омикрон  аларҵәара аласра иаҳа идууп. Асоциалтә дистанциа хьчатәуп. Насгьы, хымҧада алаҵа ҟаҵатәуп.  Авакцинациа иахысуа ауааҧсыра шаҟа ирацәахо аҟара, аинфекциа аларҵәара ашәарҭара маҷхоит», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.