Амиран Гамҟрелиӡе - Қырҭтәыла акоронавирус аштамм ҿыц макьана аарԥшым
Амиран Гамҟрелиӡе - Қырҭтәыла акоронавирус аштамм ҿыц макьана аарԥшым

Адунеи аҿы аепидҭагылазаашьа цәгоахоит. Иҟоу агәаанагара ала, ари аштамм ҿыц иахҟьоуп, – иҳәеит Ачымазарақәа рхылаԥшар амилаттё центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иахьа имҩаԥысыз Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара ашьҭахь.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла акоронавирус аштамм ҿыц макьана аарԥшым.

“Уи Британиа Ду аҿы аларҵәара аиуит, иара убас ицәырҵит егьырҭ атәылақәа рҿгьы, арҭ атәылақәа иреиуоуп Урыстәыла. Алабораториатә ҭҵаарақәа рыла Қырҭтәыла макьана аштамм ҿыц шьақәырӷәӷәам. Ари “Дельта +” варианту ауп, аха “Дельта +ӡам,” – иҳәеит Гамҟрелиӡе.