Амиран Гамҟрелиӡе  - "Омикрон" аштамм аарҧшра амшала аепидҭагылазаашьа иаалырҟьаны еицәахап  ҳәа сыҟам
Амиран Гамҟрелиӡе  - "Омикрон" аштамм аарҧшра амшала аепидҭагылазаашьа иаалырҟьаны еицәахап  ҳәа сыҟам

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, атәылаҿы аштамм «омикрон» ишаарҧшугьы, уи иаанагом аепидҭагылазаашьа иаразнак ицәгьахоит ҳәа.

Амиран Гамҟрелиӡе игәаанагарала, анеҩстәи ҩымз рыҩнуҵҟала аҭагылазаашьа ҭышәынтәалазаауеит.

«Зыӡбахәы ҳәоу аштамм ирласны аларҵәара иаҿуп, ирласны ииасуеит, ҷыдала, аҿари ахәыҷқәеи рыгәҭа. Иахьазы  «омикрон» аарҧшуп  90 еиҳаны аҳәынҭқаррақәа рҿы, аха, ҳаҧхьаҟа иҟало аӡәгьы издырӡом. Ишыжәдыруа ала, аҵыхәтәантәи хымчыбжь рыҩнуҵҟала атәылаҿы аепидҭагылазаашьа еиҕьхеит. Ари аштамм ҳара ҳҿгьы ишыҟалоз аадыруан.

Аҭышәынтәалара апроцесс ҧыҭраамҭак инагӡахоит, иаалырҟьаны аҭагылазаашьа еицәахап ҳәа сыҟам, уи азы ҩбаҟа мза аҭахуп. Ари аштамм, иара азы иҟазшьарбагоу аласрала алаҵәара иалагар, ҳгәабзиарахьчаратә системаҿы ауадаҩрақәа цәырҵуеит, аха, афактқәа реиҳара амбулатортә ҭагылазаашьаҿы рхылаҧшра ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.

Қырҭтәыла аштамм «омикрон» аҿкаара афактқәа аарҧшуп.