Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, астудентцәа рҟынтә  9,5% акоронавирус рхыргахьеит
Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, астудентцәа рҟынтә  9,5% акоронавирус рхыргахьеит

Акоординациатә хеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе аҵаратә усбарҭақәа рҿы авакцинациа аҵакы далацәажәеит.

Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, астудентцәа рыгәҭа авакцинациа арбага зегьы раасҭа илаҟәып.  Убри аҟынтә, Гамҟрелиӡе астудетцәа дрыҳәеит иаҳа активла авакцинациа рҽаладырхәырц.

«Астудентцәа рыгәҭа авакцинациа арбага зегьы раасҭа илаҟәуп.  Қырҭтәыла  138 000ҩык астудентцәа мацароуп алаҵа ҟазҵаз,урҭ рҟынтә  17 наӡына роуп авакцинациа наӡа иахысыз, ари арбага даараӡа илаҟәып. Аудиториақәа рҿы аҵаратә процесс иалагар ҳҭахызар, авакцинациа апроцесс активла шәхы алашәырхәроуп», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.

Иара убас, Гамҟрелиӡе ишазгәеиҭаз ала,  9,5% астудентцәа акоронавирус рхыргахьеит.