Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалан
Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалан

 

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалан, аха ҧасеиҧш, уажәгьы макьана ицәгьоуп.

Иара иажәақәа рыла, аҧсшьарамшқәа раан иаҳа имаҷны ауааҧсыра атестирразы аклиникақәа ирыдҵаалон,  иаарҧшу афактқәа рмаҷра абри аҭагылазаашьа иадҳәалазар ҟалап.

«Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалан, аха ҧасеиҧш, макьана ицәгьоуп.  Есымша  17-19 нызқь атестқәа ҟаҳҵоит. Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалан, аха ҧасеиҧш, уажәгьы макьана ицәгьоуп.   Аҿыц фактқәа рхыҧхьаӡара 3 нызқь еиҵхеит. Иахьа 1 731 факт аарҧшуп, аха афактқәа рмаҷра  аҧсшьарамшқәа ирыдҳәалазар ҟалап, избанзар аҧсшьарамшқәа раан иаҳа имаҷны ауааҧсыра атестирразы аклиникақәа ирыдҵаалон. Асабши амҽышеи рзы  9 812 тестқәа роуп иҟаҳҵаз.  Егьуҳәаргьы, ирҭбаау атестирреи аҧкрақәеи рыбзоурала, аҭагылазаашьа хәыҷык иҭашәынтәалахеит, аха аҽырҭынчразы макьана ашьаҭа ҳамам, есымша иааҳарҧшуа  2 – 3 нызқь афакт ҿыцқәа ахылаҧшра ҕәҕәа рыҭатәуп», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.