Амиран Гамҟрелиӡе - Иахьазы Қырҭтәыла абустердоза рзыҟаҵоуп 6000-ҩык рҟынӡа
Амиран Гамҟрелиӡе - Иахьазы Қырҭтәыла абустердоза рзыҟаҵоуп 6000-ҩык рҟынӡа

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, Иахьазы Қырҭтәыла абустердоза рзыҟаҵоуп 6000-ҩык рҟынӡа.

Гамҟрелиӡе ишааицҳаз ала, бустердоза аҵак ҷыда амоуп аштамм ҿыц “омикрон” аҿагылара аус аҿы.

“Абустердоза хымԥадатәи аҟаҵара иазкны адҵа ҟаҵам, аха уи аҵак ҷыда амоуп аштамм ҿыц “омикрон” аҿагылара аус аҿы. Иахьазы Қырҭтәыла абустердоза рзыҟаҵоуп 6000-ҩык рҟынӡа, ари ахыԥхьаӡара хәыҷы-хәыҷла иазҳауеит,” – иҳәеит Гамҟрелиӡе.

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы  ишааицҳаз, акоронавирус аштамм ҿыц “омикрон” ала Қырҭтәыла макьана ицәа иалам.