Амиран Гамҟрелиӡе  - Ҳхәыҷқәа ашколахь ицар ҳҭахызар, аҭаацәа авакцинациа иахысроуп
Амиран Гамҟрелиӡе  - Ҳхәыҷқәа ашколахь ицар ҳҭахызар, аҭаацәа авакцинациа иахысроуп

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала,  хазхаҭалатәии аҳәынҭқарратәии ашколқәа рҿы ҩынтә авакцинациа иахысыз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара  50 наӡына еиҵуп.

Иара иажәақәа рыла, жьҭааразы аклассқәа рҿы аҵаратә процесс иалагарц азыҳәан, излауа ала ирацәаны арҵаҩцәеи администрациа аусзуҩцәеи алаҵақәа ҟарҵароуп.

Иара убас,  Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала,  арҵаҩцәа мацара рвакцинациа иазхом,  ишәарҭам аҭагылазаашьа аиқәыршәаразы алаҵақәа ҟарҵароуп ашколхәыҷқәа рҭаацәагьы.

«Иҳаҩсыз амчыбжь азы 2 дозак рыла  авакцинациа аҩаӡара ҭаҳҵааит. 100 наӡына арҵаҩцәа авакцинациа наӡа иахьахысыз школкгьы иҟам. Ашколқәа реиҳара рҿы  50 наӡына еиҵны аусзуҩцәа авакцинациа иахысхьеит. Убри аҟынтә, анеҩстәи амчыбжьқәа  авакцинациазы рхы иадырхәароуп, избанзар жьҭааразы хымҧада аҵаратә процесс иалагароуп.

Аха, арҵаҩцәа мацара рвакцинациа иазхом,  ишәарҭам аҭагылазаашьа аиқәыршәаразы алаҵақәа ҟарҵароуп ашколхәыҷқәа рҭаацәеи, рандуцәеи, рабдуцәеи.  Иара убас, акоронавирус зхызгахьоу ауаа рхыҧхьаӡарагьы иазҧхьагәаҭатәуп», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.