Амиран Гамҟрелиӡе  - Ҳара, ҳҳәатәы еиқәшәаны, асабрадақәа ныҟәаагалар, ажьырныҳәанӡа даҽа  200-300ҩык еиқәҳархоит
Амиран Гамҟрелиӡе  - Ҳара, ҳҳәатәы еиқәшәаны, асабрадақәа ныҟәаагалар, ажьырныҳәанӡа даҽа  200-300ҩык еиқәҳархоит

«Сара еснагь аҳәара саҿуп ауаа асабрадақәа ныҟәыргаӡом ҳәа, уигьы агха дууп», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, арегулиациақәа рынагӡаразы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа роуп ари азҵааразы аҭак ҟазҵаша.

«Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, мчылагьы хаалагьы ҳҽазаҳкит, аха, ари апринцип алҵшәа ҳнамҭеит. Ҩышықәса ҵит, аха, ҳара уажәгьы иаҳзеилымкааит ауааҧсыра зегьы асабрада  аныҟәгара шрыхәҭоу. Ҳара, ҳҳәатәы еиқәшәаны, асабрадақәа ныҟәаагалар, ажьырныҳәанӡа  даҽа   200-300ҩык еиқәҳархоит. Ауаа ахараҧса рықәҵара мацара акгьы ҳнаҭом», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.