Амиран Гамҟрелиӡе – Авирус аларҵәара арбага ирласӡаны азҳара иаҿуп
Амиран Гамҟрелиӡе – Авирус аларҵәара арбага ирласӡаны азҳара иаҿуп

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа даараӡа ицәгьахеит.

Гамҟрелиӡе даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит асабрадақәа рныҟәгара аҵакы ду шамоу.

«Ашәарҭара ду ҳҭагылоуп. Аепидҭагылазаашьа ацәгьахара иаҿуп, исериозу ацәқәырҧа ҳҭагылоит. Иарку ақәыҧшылараҿгьы ауаа рацәа ахьеизо иаарту ақәыҧшылараҿгьы асабрадақәа ҳҿазароуп. Насгьы, авакцинациа аҵакы ду амоуп. Иахьазы атәылаҿы ауааҧсыра 30-40% «индиатәи аштамм» рылоуп, авирус аларҵәара арбага ирласӡаны азҳара иаҿуп», — иҳәеит  Амиран Гамҟрелиӡе.