Амиран Гамҟрелиӡе авакцина  «Синофарм» аҩбатәи адоза ҟаиҵеит
Амиран Гамҟрелиӡе авакцина  «Синофарм» аҩбатәи адоза ҟаиҵеит

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе авакцина  «Синофарм» аҩбатәи адоза ҟаиҵеит Николоз Ҟиҧшиӡе ихьӡ зху ауниверситеттә клиника хада аҿы.

Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Амиран Гамҟрелиӡе авакцина  «Синофарм» раҧхьатәи адоза ишиашо аефир аҿы иҟаиҵеит лаҵара 4 рзы.