Амиран Гамҟрелиӡе  - Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахоит, зымҽхак дуу аепидемиа ҟалар ауеит
Амиран Гамҟрелиӡе  - Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахоит, зымҽхак дуу аепидемиа ҟалар ауеит

Ҩымчыбжь еиҳаны иҵуеит есымша акоронавирус  600 еиҳаны афактқәа ааҳарҧшуеижьҭеи, жәабран алагамҭа инаркны аҭагылазаашьа цәгьахеит. Афакт ҿыцқәа раарҧшра арбага 3 наӡынак рҟынӡа ишьҭыҵхьеит. Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла аицәахара иаҿуп. Ҳара аҧҟарақәеи арегулиациақәеи наҳамгӡар,  авирус атәыла зеџьынџьара аларҵәара иалагоит. Абҵареи ҧхынҷкәыни рзы ишыҟаз еиҧш, зымҽхак дуу аепидемиа алагар ауеит —  иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, авакцина ҟазҵар зҭаху ауаа маҷуп.

«Мшаҧи лаҵареи рзы ҽнакала 3-4 нызқьҩык ауааҧсыра авакцинақәа рзыҟаҳҵалароуп, аха, аҵыхәтәантәи  ҩымчыбжь рыла  1 100ҩык раҟара иҟарҵеит, уи даараӡа имаҷуп.  Ажәлар агәра дҳаргароуп авакцинациа ада авирус аҵархара шҳалымшо. Ашықәс анҵәамҭанӡа  60 наӡына ауааҧсыра авакцинақәа ҟарҵар, атәылаҿы аепидемиа хыркәшазаауеит», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.