Амиран Гамҟрелидзе – Ақыҭауаа ишырҳәаз ала, авакцинациа хымҧадатәи аҟазшьа аиур, алаҵа ҟарҵоит
Амиран Гамҟрелидзе – Ақыҭауаа ишырҳәаз ала, авакцинациа хымҧадатәи аҟазшьа аиур, алаҵа ҟарҵоит

Авакцинациа амарафон инагӡоит. Ақыҭауаа ари апроцесс иаҳа иаҿлымҳахеит, аха, уажәгьы авакцина иацәшәо ауаа маҷым, — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

«Ауаа абри авирус ииашамкәа иазныҟәоит, абжьааҧнытә гриппуп ҳәа згәы иаанаго рацәоуп. Амобилтә бригадақәа рыбзоурала арегионқәа рҿы аҭагылазаашьа еиҕьхеит. Амарафон аан даҽа  1200ҩык алаҵақәа ҟарҵеит. Сара авакцинациа апроцесс арлахҿыхра иацхрааша ауснагӡатәқәа зегьы срықәшаҳаҭуп.  Ақыҭақәа рҿы ҳаныҟоу, ақыҭауаа ирҳәоит авакцинациа апроцесс хымҧадатәи аҟазшьа аиур, алаҵа ҟаҳҵоит, мамзар иҟаҳҵаӡом ҳәа.  Еиуеиҧшым азанааҭқәа рхаҭарнакцәагьы абри ауп ирҳәо. Убри аҟынтә, абҵаразы абри азҵаара ӡбатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ганкахьала – хымҧадатәи авакцинациа, егьи аганахьала – алаҵа ҟазымҵаз ауаа еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рахь рынамышьҭра.  Абри аҩыза азнеишьа адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ахархәара аман, уи алҵшәа ахылҵит», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.