Амиран Гамҟрелиӡе  - Аперспектива бзиа ҳамоуп,  ахҧатәи аквартал азы Қырҭтәыла  авакцина Pfizer аиур ҟалап
Амиран Гамҟрелиӡе  - Аперспектива бзиа ҳамоуп,  ахҧатәи аквартал азы Қырҭтәыла  авакцина Pfizer аиур ҟалап

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр адиректор Амиран Гамҟрелиӡе  ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла авакцина Pfizer иҵегьы миллионк адозақәа анаиуа арыцхәҵәҟьа макьана еилкаам.

Аха, Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, ахҧатәи аквартал азы авакцина Pfizer аиуразы аперспектива бзиа иҟоуп.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла егьырҭ авакцинақәагьы ирзыҧшуп.

«Аха, рыцҳарас иҟалаз, адунеи зехьынџьара авакцинақәа рызхом, убри аҟынтә, ҳара иҳамоу авакцинақәа рҭаҵәах  етапла ихаҳарҭәаауеит.  Рашәара азы   Astrazeneca иҵегьы адозақәа ҳрызҧшуп, иара убас, Китаи аҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит  Sinopharm миллионбжак адозақәа раиуразы. Абарҭ авакцинақәа рашәара анҵәамҭанӡа иҳауроуп», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.