Амиран Гамҟрелиӡе  - Алаҵа миллионҩыла ауааҧсыра рыҧсҭазаара шеиқәнархо идырны,  уи аҟаҵаразы мап укуазар, уи аҳақьымцәа ретикатә кодеқс аилагара ауп иаанаго, сколлегацәа  абри аҩыза ахымҩаҧгашьа рыхәҭам
Амиран Гамҟрелиӡе  - Алаҵа миллионҩыла ауааҧсыра рыҧсҭазаара шеиқәнархо идырны,  уи аҟаҵаразы мап укуазар, уи аҳақьымцәа ретикатә кодеқс аилагара ауп иаанаго, сколлегацәа  абри аҩыза ахымҩаҧгашьа рыхәҭам

«Алаҵа миллионҩыла ауааҧсыра рыҧсҭазаара шеиқәнархо идырны,  уи аҟаҵаразы мап укуазар, уи аҳақьымцәа ретикатә кодеқс аилагара ауп иаанаго, сколлегацәа абри аҩыза ахымҩаҧгашьа рыхәҭам», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе аҳақьымцәа алаҵақәа рзыҟаҵара азҵаара даналацәажәоз.

«Ҳара ҳазынтәгьы кыршықәса рыҩнуҵҟа, амедицинатә университет аҿы ибзиаҵәҟьаны иҭаҳҵааит авакцинеи, алаҵеи, аиммунизациеи  миллионҩыла ауааҧсыра рыҧсҭазаара шеиқәнархаз, ҳаҧхьаҟагьы иҵегьы миллионҩыла ауаа еиқәнархоит. Шәара ибзиаҵәҟьаны ижәбоит Британиа ду,  60% ауааҧсыра алаҵақәа ахьыҟарҵаз, акоронавинус афактқәа шыҟоу, аха, аҧсҭбара арбага еиҵхеит. Израили, Германтәылеи, Евроеидгыла атәылақәеи рҿгьы абасҵәҟьоуп ишыҟоу. Ааҧынразы авакцинақәа маҷын, уи еилкаауп, аха, уажәы, атәылаҿы  2 миллион адозақәа ҳамоуп. Иҵегьы миллионк иааргоит. Авакцина зегьы ирызхоит.  Нас, шәааи, алаҵа ҟаҵаны, апандемиа аҵыхәа ҧаҳҵәап», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.