Амиран Гамҟрелидзе – Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧа абҵара аҩбатәи азбжазы ма ҧхынҷкәын азы иалагар ауеит
Амиран Гамҟрелидзе – Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧа абҵара аҩбатәи азбжазы ма ҧхынҷкәын азы иалагар ауеит

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала,  атәылаҿы   акоронавирус афактқәа рхыҧхьаӡареи аҧсҭбара арбагақәеи  амаҷхара иаҿуп.

АИХ рзы имҩаҧгаз авебинар аҿы Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, агәабзиарахьчаратә система аҿгьы апациентцәа рхыҧхьаӡара еиҵхеит.

Амиран Гамҟрелиӡе иаҵшьны иазгәеиҭеит аепидҭагылазаашьа ишеиҕьхазгьы, атәылаҿы ишьақәыргылоу арегулиациақәа зегьы хымҧада ишынагӡатәу.  Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы авакцинациа аҵакы дазааҭгылеит.

«Хәыҷы-хәыҷла аштамм ҿыцқәа цәырҵуеит. Ҳара еиҧҟьарада уи ҳацклаҧшуеит. Ҳтәылаҿы, бжеиҳарала,  «Дельта» аштамм ауп аларҵәара змоу, аха  «Дельта Плиус» фактқәакгьы иҟоуп.   Авакцинациа шаҟа ирласны ҳахысуа аҟара, ахәбатәи ацәқәырҧа ашәарҭара маҷхоит. Ахәбатәи ацәқәырҧа абҵара аҩбатәи азбжазы ма ҧхынҷкәын азы иалагар ауеит. Ауааҧсыра реиҳара алаҵақәа ҟарҵар, ахәбатәи ацәқәырҧа усҟак иуадаҩымкәа ҳахысуеит», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.