Амиран Гамҟрелиӡе  - Агоспитальтә сектор аҿы аҭыҧқәа иҟам, анҭыҵтәи агоспитальқәа ҳҭаххар ҟалап
Амиран Гамҟрелиӡе  - Агоспитальтә сектор аҿы аҭыҧқәа иҟам, анҭыҵтәи агоспитальқәа ҳҭаххар ҟалап

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, агоспитальтә сектор аҿы аҭыҧқәа иҟам, анҭыҵтәи агоспитальқәа рҭаххар ҟалап

«Ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп  7000ҩык раҟара ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 1665ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп, 368ҩык иҧсабаратәым аҧсыҧ лагаҩагаратә аппарат иаҿакуп. Ахәышәтәырҭатә сектор аҿы аҭыҧқәа аанымхеит, убри адагьы, аҳақьымцәеи амедицинатә персонали ҳазхом. Абри апроцесс алаҵақәа мацара рыла аанаҳкылар ҳалшоит. Авакцинациеи ишьақәыргылоу аҧҟарақәа рынагӡареи ада ҧсыхәа иҟам, ҽакала ари апроцесс ҳзаанкылом.  Раҧхьа иргыланы  — асабрдақәа ныҟәгатәуп. Аӡәгьы арегулиациақәа наигӡом, ҳәарада, авирус аҿкаара афактқәа рацәахоит.

Есымша 4-5 нызқь аҿыц фактқәа ҟалар, ахәышәтәырҭаҿы аҭыҧқәа ҳазхом, анҭыҵтәи агоспитальқәа раартра ҳақәшәоит», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.