Амиран Гамҟрелиӡе – Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьахеит
Амиран Гамҟрелиӡе – Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьахеит

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьахеит.

Иара иажәақәа рыла, авирус аларҵәара аанкыларазы мҩа заҵәык иҟоуп  — амассатә вакцинациа.

«Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьахеит, арбага ҿыцқәеи  авирус аҿкаара афактқәа рхыҧхьаӡареи ацлара иаҿуп.  Авирус аларҵәара аанкыларазы мҩа заҵәык иҟоуп  — амассатә вакцинациа. Убри аҟынтә, даҽазнык ажәлар рахь ааҧхьара ҟасҵоит акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵарц», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.