Амиран Гамҟрелидзе – Ҭагалан Қырҭтәыла 12 шықәса еиҳаны зхыҵуа аҿар алаҵақәа рзыҟаҵара иалагар ҟалап
Амиран Гамҟрелидзе – Ҭагалан Қырҭтәыла 12 шықәса еиҳаны зхыҵуа аҿар алаҵақәа рзыҟаҵара иалагар ҟалап

Ҭагалан  12 шықәса еиҳаны зхыҵуа аҿар алаҵақәа рзыҟаҵара ҳалагар ҟалап, — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе  Facebook — транслиациа аан.

Иара ишиҳәаз ала, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҟынтә абжьагара иазыҧшуп.

«Атәылақәа рацәа, рхатә регулиациатә органқәа рыбжьагарала, 12 шықәса еиҳаны зхыҵуа аҿар  Pfizer-и Moderna-и авакцинақәа рзыҟаҵара иалагахьеит, избанзар абарҭ авакцинақәа рзы аклиникатә ҧышәарақәа хыркәшоуп, алҵшәа бзиа иҟоуп. Ҳара Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аӡбара ҳазыҧшуп. Ҭагалан ҳаргьы ахәыҷқәа алаҵақәа рзыҟаҵара ҳалагоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Амиран Гамҟрелиӡе.