«Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәеи адгылаҩцәеи аныҟәара мҩаҧыргоит
«Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәеи адгылаҩцәеи аныҟәара мҩаҧыргоит

«Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәеи адгылаҩцәеи  аметро «Авлабари» аҟынтә Бараҭашвили албаарҭа аҟынӡа аныҟәара мҩаҧыргоит.

Акциа алахәлацәа ишырҳәаз ала, дара  Михаила Саакашвили атәылауаҩратә хәышәтәырҭашҟа ииагареи, изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгареи, аиҳабыра рамхреи иаҳәоит.

«Амилаҭт ҵысра» алидер Ника Мелиа ажәлар дрыҳәеит апротесттә акциа рхы аладырхәырц.

«Ақәҧара еиҧҟьарада имҩаҧысроуп, арежим каҳароуп. Егьа ҳусқәа рацәазаргьы, акциа ҳхы алаҳархәыроуп. Ахьыҧшымреи ахақәиҭреи ҳцәыӡыр ҳҭахымзар, есымша ақәҧара наҳагӡароуп», — иҳәеит Ника Мелиа.