"Амилаҭтә ҵысра" автоколлонақәа рыла аҿагыларатә акциа мҩаԥнагоит
"Амилаҭтә ҵысра" автоколлонақәа рыла аҿагыларатә акциа мҩаԥнагоит

“Амилаҭтә ҵысра” автоколлонақәа рыла аҿагыларатә акциа мҩаԥнагоит.

Апартиа алахәылацәеи адгылаҩцәеи аҳҭнықалақь амҩақәа рҿы амашьынақәа рыла иеиҭаҵуеит. Апротест алахәылацәа Ареспублика ашҭеи, Кахеҭи амҩадуи, “Амилаҭтә ҵысра” ацентртә офиси Ацентртә алхартә комиссиеи раԥхьа еизеит.

Акциа алахәылацәа Михеил Саакашвили атәылауаҩратә клиникахь ииагареи изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгареи идҵаны иқәдыргылоит.

Урҭ ражәақәа рыла, анапхгара хаҭарнакцәа арҭ адҵақәа иахьынӡанарымгӡо, акциақәа рымҩаԥгара нарыгӡоит.