Амилаҭтә банк азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, атуризм  аиҭашьақәыргылара рылымшар, 2021 шықәсазы аекономикатә азҳара  1% иаҟарахоит
Амилаҭтә банк азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, атуризм  аиҭашьақәыргылара рылымшар, 2021 шықәсазы аекономикатә азҳара  1% иаҟарахоит

«Рыцҳарас иҟалаз, акоронавирус апандемиа амшала,  2020 шықәсазы Қырҭтәыла аекономика маҷхеит», — иҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада Коба Гвенетаӡе.

Иара иажәақәа рыла, заанаҵтәи адыррақәа инрықәырәшаны, 2020 шықәсазы аекономика маҷхеит  6,1%-ла.

Иара убас, Гвенетаӡе ишазгәеиҭаз ала, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиҕьхар, ашықәс аҩбатәи азбжазы атуристтә сектор аиҭашьақәыргылара иалагар, 2021 шықәсазы атәыла аекономика аиҭашьақәыргылара арбага  4%-нӡа ишьҭыҵыр ауеит. Аха, апессимисттә прогнозқәагьы иҟоуп.

«Апандемиеи аглобалтә аҧкрақәеи  нагӡахар, ҳәарада, уи Қырҭтәылагьы ианырҧшуеит, ҳекономикагьы азарал аиуеит. Адунеи аҿгьы Қырҭтәылагьы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа цәгьахар,  атуризм аусура еиҭаламгар,  2021 шықәсазы аекономикатә азҳара  1% иаҟарахоит», — иҳәеит Гвенетаӡе.