Амилаҭтә банк ала авалиутатә аукцион аҿы иҭиин  40 миллион адоллар
Амилаҭтә банк ала авалиутатә аукцион аҿы иҭиин  40 миллион адоллар

Сынтәа, хәажәкыра 22 инаркны,  Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ала  авалиутатә аукцион аҿы, иҭиин  40 миллион адоллар.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк.

Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, абжьаратә аиҭныҧсахларатә курс  3,3293 иаҟароуп.

Уи,  сынтәа имҩаҧгаз аҧшьбатәи аукционуп.  2021 шықәсазы Амилаҭтә банк ала иҭиин  160 миллион адоллар.