Амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа «Agile Spirit 2021» иахьа иаадыртоит
Амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа «Agile Spirit 2021» иахьа иаадыртоит

Амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа “Аԥсы ӷәӷәа 2021” («Agile Spirit 2021») иахьа аартхоит.

Азыҟаҵарақәа Орԥолотәии Сенактәии, Вазиантәи абазақәа рҿы мҩаԥгахоит.

Қырҭтәыла иаҭаахьеит азыҟаҵарақәа ирылаху америкатәи арратә маҵзуҩцәеи,  америкатәи атехникеи агьежьԥрыгақәеи.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистра агьежьԥрыгақәа HH-60 Agile Spirit 2021 Германтәыла, Рамштаипн арратә аҳаирбаӷәазантә ааргеит.

Аминистра аинформациа ала,  амилаҭрацәалатә арратә азыҟаҵарақәа  «Agile Spirit»  рҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, азыҟаҵарақәа ирылахәызаауеит ақырҭуа акәылӡтехника  «Дельта». Афункциарацәатә амодультә акәылӡмашьынақәа  «Didgori Warrior»-и амедицинатә евакуациа амашьынақәа  «Didgori Medevak»-и Сенакинтә Орфоло аполигон ашҟа инагоуп.  Амҩан Қырҭтәыла абираҟи азыҟаҵарақәа  «Agile Spirit 2021» асимволикеи зхагылаз атехника Қәҭешь  агәҭа иалсит. Аколлона иацын арратә полициа акануеи.

Азыҟаҵарақәа ԥхынгәы 26 инаркны нанҳәа  6-нӡа мҩаҧысуеит.