Америкатә ҧшыхәара  - Урыстәыла Украина ажәылара ргәы иҭоуп  2022 шықәсазы
Америкатә ҧшыхәара  - Урыстәыла Украина ажәылара ргәы иҭоуп  2022 шықәсазы

Америкатә ҧшыхәара адыррақәа рыла,   2022 шықәсазы Урыстәыла Украина ажәылара ргәы иҭоуп.  Ари атәы аанацҳаит аҭыжьымҭа «Вашингтон Пост».

Аубликациаҿы ишану ала, америкатә ҧшыхәара аофициалтә хаҭарнакцәа аарыцҳаит Урыстәыла украинатәи  аҳәаа инаваршәны, 175 нызқьҩык аруаа дыргылеит, ашықәс ҿыц алагамҭазы  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Украина ажәылара ргәы иҭоуп ҳәа.

Washington Post адыррақәа рыла, америкатә ҧшыхәара ахаҭарнакцәеи аналитикцәеи ргәаанагарала,  уажәазы Урыстәыла 2014 шықәса аасҭа иаҳа зымҽхак дуу ажәыларазы рҽазыҟарҵоит, украинатәи арбџьармчқәа иакымкәа афонтқәа рҿы ақәҧара рыдарцалар рҭахуп. Дара аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара акәымкәа, Киев акапитулиациа ауп изызҿлымҳау. Урыстәыла абри аҩызаҵәҟьа атактика рхы иадырхәит   2008 шықәсазы Қырҭәтыла ианажәыла.

Иара убас, америкатә ҧшыхәара адыррақәа рыла, аамҭакала, Урыстәыла, НАТОи Украинеи ирҿагылоу апропагандатә еибашьра дырҕәҕәеит.