Америкатә арратә ҕба  "Дональд Кук" Амшын еиқәа иҭалеит
Америкатә арратә ҕба  "Дональд Кук" Амшын еиқәа иҭалеит

Америкатә арратә ҕба  “Дональд Кук” Амшын еиқәа иҭалеит. Ари аинформациа аладырҵәеит Европа иҟоу америкатә арра-мшынтә мчқәа рнапхгара.

Аҳәамҭа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу аҕба  2021 шықәсазы раҧхьаӡа акәны Амшын Еиқәа иҭалеит.

«Дональд Кук” амшыни арегиони рҟны ашәарҭадара аиқәыршәара амзызла, апартниорцәа аус рыцура нанагӡоит.