Америкатә АИХ адыррақәа рыла, Џьо Баиден  Османтәи аимпериа ала ашәамахьаа ргеноцид азхаҵара игәы иҭоуп

Wall Street Journal ишану ала, Америка ахада Џьо Баиден  Османтәи аимпериа ала ашәамахьаа ргеноцид азхаҵара игәы иҭоуп.

Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла, Баиден ари аҳәамҭа ҟаиҵоит мшаҧы 24 рзы.

Ишаҧу ала, абри амш азы Америка ахада есышықәсатәи ашьҭымҭа ҟаиҵоит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Баиден ашәамахьа рдепортациеи рышьреи Османтәи аимпериа агеноцид ахьӡиҵарц игәы иҭоуп.

Аамҭакала, аофициалтә хаҿқәа ишырҳәаз ала, Баиден ажәа  «агеноцид» имҳәар ҟалап.

Ҭырқәтәыла аиҳабыра Османтәи аимпериа ала ашәамахьаа ргеноцид иазханаҵом. Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуд Чавушоҕлу  иҳәамҭала,  Баиден иажәахә аҿы агеноцид далацәажәар, Ҭырқәтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа ҧхасҭахоит.