Америкатә Ахаҭарнакратә Палата жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы  - Баиден иадминистрациа Қырҭтәыла иеиҧшу НАТО адгылаҩцәа Урыстәылатә ажәылара иаҿагылоит
Америкатә Ахаҭарнакратә Палата жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы  - Баиден иадминистрациа Қырҭтәыла иеиҧшу НАТО адгылаҩцәа Урыстәылатә ажәылара иаҿагылоит

Америка Ахаҭарнакратә Палата жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы  – Баиден радминистрациа Қырҭтәыла иеиҧшу НАТО адгылаҩцәа рзы Урыстәыла ажәылара иаҿагылоит

Баиден радминистрациа Қырҭтәыла иеиҧшу НАТО адгылаҩцәа рзы Урыстәыла ажәылара иаҿагылоит, – иҳәеит Америка Ахаҭарнакратә Палата жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы   Грегори Миқс «Америка абжьы» ақырҭуа маҵзура аинтервиу анеиҭоз.

Миқс ишиҳәаз ала, Америка ирҭахым Европа иҟоу рыдгылаҩцәа рзы ажәылара мҩаҧгазарц.

«Ааи, ҳара Урыстәыла ҳаҿагылоит, Баиден радминистрациа Қырҭтәыла иеиҧшу НАТО адгылаҩцәа рзы Урыстәыла ажәылара иаҿагылоит . Ҳара Европа иҟоу ҳадгылаҩцәа рзы ажәылара мҩаҧгазар ҳҭахым. Путин ичҳареи иара иҟаиҵо ииашазшәа аҳәареи  ҳгәы иҭам. Ҳара ҳадгылаҩцәа ҳрыдгылоит», — иҳәеит Миқс.

Иара убас, аполитик Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәагьы дырзаҭгылеит. Ажурналист Грегори Миқс диазҵааит: «Анаҧшратә аиҿкаарақәа, урҭ рыбжьара  Transparency International Georgia-гьы, ишырҳәо ала, анапхгаратә партниа аҳәынҭқарра рнапаҿы иааргеит. Адәахьы адемонстрациақәа мҩаҧысуан, атәылаҿы партиа заҵәык ала еиқәыршәоу апарламент ҳамоуп.  Ари азҵаара иадҳәаланы ақырҭуа коллегацәа ирашәҳәарц ишәҭахуи?».

Ари аҭҵаара аҭак аныҟаиҵоз Миқс ишазгәеиҭаз ала, атәылаҿы ииашоу зхы иақәиҭу алхрақәа еиқәыршәазароуп.

«Дара ииашоу зхы иақәиҭу алхрақәа еиқәдыршәароуп, ас еиҧш иҟоу алхрақәа анымҩаҧыслак, ҭынч амчра еимырдароуп.  Ари апроцесс иаҧырхагахо ауаа ҟаларгьы ауеит.  Араҟа еидгыло ауааҧсыра рбыжьқәа роуп ахадаратә ҵакы змоу. Ақырҭуа жәлар ирасҳәар сҭахуп, Америкагьы Трамп идгылаҩцәа, зыбжьқәа иоуз ауааҧсырагьы аргама ирҳәеит Тармп ихымҩаҧгашьа ишақәшаҳаҭым. Сара ақырҭуа жәлар ирасҳәар сҭахуп  — адемократиеи ҭынч амчра аимадареи еиқәыршәазарц азыҳәан шәеидгылароуп», — иҳәеит Грегори Миқс.