Америка ацҳаражәҳәаҩ  - Апартиақәа аконституциатә реформа иазкны изныкымкәа еиқәшаҳаҭҳахьеит, уажәы абри ареформа Қырҭтәыла адемократиатә аҿиаразы иаҭахуп
Америка ацҳаражәҳәаҩ  - Апартиақәа аконституциатә реформа иазкны изныкымкәа еиқәшаҳаҭҳахьеит, уажәы абри ареформа Қырҭтәыла адемократиатә аҿиаразы иаҭахуп

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан лҳәамҭала, Қырҭтәыла аконституциатә аиҭакрақәа мҩаҧгатәуп,  ари агәаанагара шьақәырҕәҕәан азакәанпроект актәи аҧхьараан.

Адипломат ишазгәалҭаз ала,  аполитикатә лидерцәа ари азҵааразы еиқәшаҳаҭхеит  2020 шықәсазы.

«Апартиақәа аконституциатә реформа иазкны изныкымкәа еиқәшаҳаҭҳахьеит, ари апроцесс иалагеит 2019 шықәсазы. Мшаҧы 8 рзы дара еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, 2020 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рзы абариер аиҵатәразы еиқәшаҳаҭхеит. Аконституциатә закәанпроект актәи аҧхьараангьы ишьақәырҕәәҕан Қырҭтәыла адемократиатә аҿиаразы атәылаҿы аконституциатә аиҭакрақәа шымҩаҧгатәу», — илҳәеит Дегнан.