Америка ацҳаражәҳәареи Евроеидгыла аделегациеи аганқәа рахь ааҧхьаара ҟарҵеит аиқәшаҳаҭхаразы иҟоу алшарақәа зегьы ирыхәаҧшырц
Америка ацҳаражәҳәареи Евроеидгыла аделегациеи аганқәа рахь ааҧхьаара ҟарҵеит аиқәшаҳаҭхаразы иҟоу алшарақәа зегьы ирыхәаҧшырц

 

Ҳара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит апарламент ахатә роль анагӡара алшарц азыҳәан,   аиқәшаҳаҭхаразы иҟоу алшарақәа зегьы шьаҭанкыла ирыхәаҧшырц,  —  иануп Америка ацҳаражәҳәареи Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла аделегациеи еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.

«Афасилитаторцәа рҳасабала, ҳара аганқәа аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара ахьрылшаша анеитралтә форум рзеиқәҳаршәароуп.  Аполитикатә лидерцәа ҿыц иалху апарламент актәи асессианӡа аиқәшаҳаҭхара ахьрылымшаз ҳгәы иалоуп. Ҳара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит апарламент ахатә роль анагӡаара алшарц азыҳәан,   аиқәшаҳаҭхразы иҟоу алшарақәа зегьы шьаҭанкыла ирыхәаҧшырц,  Аполитикатә партиақәа рыҳәарала, аполитикатә ҭаххара ҟалар,   ҳара ҳаҧхьаҟагьы адиалог ацхраара ҳазыхиоуп», —  иануп аҳәамҭаҿы.