Америка ацҳаражәҳәара – Страсбургтәи аӡбара ақәҵара абзоурала,  Қырҭтәыла асуверинитет аилагара аҟәыҵра иазкны Урыстәыла иазықәыргылоу аҳәара иаҳа аҵакы аиуеит
Америка ацҳаражәҳәара – Страсбургтәи аӡбара ақәҵара абзоурала,  Қырҭтәыла асуверинитет аилагара аҟәыҵра иазкны Урыстәыла иазықәыргылоу аҳәара иаҳа аҵакы аиуеит

 

Америка ацҳаражҳәара аҳәамҭа аланарҵәеит Нанҳәатәи аибашьра аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбара иаднакылаз ақәҵара иазкны.

Аҳәамҭа ишану ала,  Страсбургтәи аӡбара Қырҭтәыла ашшыҧхьыӡ нагӡаны,  ишьақәнарҕәҕәеит Урыстәыла ала иакымкәа ахәҭаҷқәа реилагара афакт.

«2008 шықәсатәи Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра иазкыз аҳәынҭқаррабжьаратә азыҳәара  «Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы»  аҿы Страсбургтәи аӡбара Қырҭтәыла ашшыҧхьыӡ нагӡаны,  ишьақәнарҕәҕәеит Урыстәыла ала иакымкәа ахәҭаҷқәа реилагара афакт.

Страсбургтәи аӡбара ақәҵара абзоурала,  Қырҭтәыла асуверинитети аҵакырадгьылтә акзаареи  аилагара аҟәыҵра иазкны Урыстәыла иазықәыргылоу аҳәара иаҳа аҵакы аиуеит. Ҷыдала ишәарҭоуп Урыстәыла ала ақырҭуа регионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхылаҧшра аҽазкра. Абордеризациеи, ауаа закәандарала раанкылареи, административтә аҳәаа ахысра аганахьала иҟоу ауадаҩрақәеи рымшала, абарҭ арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра  ахадаратә рхақәиҭрақәа еилагоуп», —  иануп Америка ацаражәҳәара аҳәамҭаҿы.