Америка ацҳаражәҳәара -   «Ақырҭуа гәахәтәы»  ала мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра ганкала алҵра аиҿцәажәарақәа еилазго афакторқәа иреиуп
Америка ацҳаражәҳәара -   «Ақырҭуа гәахәтәы»  ала мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра ганкала алҵра аиҿцәажәарақәа еилазго афакторқәа иреиуп

««Ақырҭуа гәахәтәы» ала мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра ганкала алҵра аиҿцәажәарақәа еилазго афакторқәа иреиуп», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа ишану ала, Америка агәынамӡара ду аанарҧшуеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» ала мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра алҵра иадҳәаланы.

«115ҩык адепутатцәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩны, Қырҭтәыла адемократиатә прогресс иаҧырхагоу аполиаризациа аҧыхразы аусура шынарыгӡо азы аҧхықәра рхы иадырҵеит. Вашингтон агәынамӡара аанарҧшуеит Қырҭтәыла адемократиатә ҧеиҧш иаҧырхагоу ашьаҿқәа  ирыдҳәаланы.

Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз аганқәа зегьы рхы иадырҵаз аҭкҧхықәра нарыгӡароуп. Ҳара иааҧҵәаны аҳәара ҟаҳҵоит апартиа зегьы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩны, инаӡаны аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц.  «Ақырҭуа гәахәтәы» ала мшаҧы 19-тәи аиқәшаҳаҭра ганкала алҵра аиҿцәажәарақәа еилазго афакторқәа иреиуп. Анапхгаратә гәыҧ ирыдыркылаз аӡбара атәылаҿы аполитикатә ҭышәынтәалара иаҧырхагоуп.

Ҳара аполитикатә партиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит рхы иадырҵаз аҧхықәрақәа нарыгӡарц, уи аҵакы ду амоуп европатәи аҭацәарашҟа Қырҭтәыла аинтеграциазы», — иануп аҳәамҭаҿы.