Америка ацҳаражәҳәара  - Америка аиҳабыра Қырҭтәыла аекономикатә азҳара ацхраара нарыгӡоит, ажәлар аекономикатә алшара ҿыцқәа рхархәара рылшарц азыҳәан  
Америка ацҳаражәҳәара  - Америка аиҳабыра Қырҭтәыла аекономикатә азҳара ацхраара нарыгӡоит, ажәлар аекономикатә алшара ҿыцқәа рхархәара рылшарц азыҳәан  

Америка ацҳаражәҳәара  – Америка аиҳабыра Қырҭтәыла аекономикатә азҳара ацхраара нарыгӡоит, ажәлар аекономикатә алшара ҿыцқәа рхархәара рылшарц азыҳәан

Америка аиҳабыра Қырҭтәыла аекономикатә азҳара ацхраара нарыгӡоит, атуризм азы атәыла анаадыртлак ажәлар аекономикатә алшара ҿыцқәа рхархәара рылшарц азыҳәан, — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәара аҳәамҭаҿы.

Лымкаала, ацҳаражҳәараҿы иахцәажәеит  USAID/Georgia афинанстә цхыраара ала Баҭым иалагаз аианициатива ҿыц.

«USAID/Georgia афинанстә цхыраара ала Баҭым излагаз  аинициатива ҿыц абзоурала,  150ҩык асасааирҭатә бизнес аҿы аусурҭа роуит, апандемиа иадҳәалоу аҧкрақәа раҧыхра ашьҭахь, иҵегьы  50ҩык аспециалистцәа аусурҭа роуеит.

Инеизакны,  430ҩык атәылауаа асасааирҭатә бизнес аменеџьмент азы азыҟаҵарақәа ирхысит. Ари апроцесс мҩаҧган хазхаҭалатәи асектор апартниор Key Management Solutions ала еиқәыршәаз акадртә ресурсқәа рырҿиара аинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Жәларбжьратәи асертификат змоу аспециалистцәа  асасааирҭатә бизнес аҿы амаҵзура аҩаӡара шьҭырхуеит», — иануп аинформациаҿы.

https://www.facebook.com/usingeo/posts/10159078380217954