Америка амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  - Америка  Гьаргь Гахариеи Қырҭтәыла аиҳабыра ҿыци рҟны аусеицура алагара иахыццакуеит
Америка амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  - Америка  Гьаргь Гахариеи Қырҭтәыла аиҳабыра ҿыци рҟны аусеицура алагара иахыццакуеит

Америка амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ  – Америка  Гьаргь Гахариеи Қырҭтәыла аиҳабыра ҿыци рҟны аусеицура алагара иахыццакуеит

 

Америка амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ   Роберт  О’Браиен  Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит Қырҭтәыла Аҧыза -министрс иалхра.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала, Америкеи Қырҭтәылеи рпартниорра арҕәҕәара амзызла, Америка   Гьаргь Гахариеи Қырҭтәыла аиҳабыра ҿыци рҟны аусеицура алагара иахыццакуеит.

«Ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Аҧыза-министрс шәалхра. Америка   шәареи  Қырҭтәыла аиҳабыра ҿыци рҟны аусеицура алагара иахыццакуеит.  Ҳара ҕәҕәала Қырҭтәыла ҳадгылоит аҩадаатлантикатә алианс ашҟа аинтеграциеи Афганистантәи амиссиа аҽалархәреи аҿы. Иара убас,  ҳара,  ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны шәтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит», —  иануп ашәҟәы аҟны.

Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр ипресс-маҵзура.