Америка Аҳәынҭқарратә департамент  апресс-спикер  - Ҳара Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи  иақәшаҳаҭымкәа дара рҵакырадгьыл аҿы алхырҭақәа раартра ҳақәыӡбоит
Америка Аҳәынҭқарратә департамент  апресс-спикер  - Ҳара Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи  иақәшаҳаҭымкәа дара рҵакырадгьыл аҿы алхырҭақәа раартра ҳақәыӡбоит

Америка Аҳәынҭқарратә департамент  апресс-спикер  – Ҳара Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи  иақәшаҳаҭымкәа дара рҵакырадгьыл аҿы алхырҭақәа раартра ҳақәыӡбоит

 

Ҳара Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи  иақәшаҳаҭымкәа дара рҵакырадгьыл аҿы алхырҭақәа раартра ҳақәыӡбоит — иҩит Америка Аҳәынҭқарратә департамент апресс мӡаныҟәгаҩ Нед Праис «Твиттер» аҿы.

«Америка Урыстәыла арепрессиатә ауранагӡара иақәыӡбоит, абри аҩыза ахымҩаҧгашьа Дума ашҟа алхрақәа риашареи алхрақәа рахь агәрагареи иаҧырхагоуп.  Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи алхырҭақәа раартра ҳақәыӡбоит, избанзар арҭ атәылақәа уи иақәшаҳаҭымызт.  Ишыжәдыруа ала, Урыстәыла апарламент ҵаҟатәи апалаташҟа алхрақәа мҩаҧган цәыббра  17, 18, 19 рзы. Урыстәыла Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла,  Урыстәыла анапхгаратә партиеи уи акандидатцәеи аиааира ргеит.  Алхырҭақәа аартын импыҵахалоу Аҧсни Цхинвали, иара убас, аннексиа зызу Ҟрымгьы», — иҩит Нед Праис.