Америка 2022 шықәсатәи абиуџьет аҿы Қырҭтәыла адеокупациеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵамра аполитикеи иазку анҵамҭа ааныжьуп
Америка 2022 шықәсатәи абиуџьет аҿы Қырҭтәыла адеокупациеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵамра аполитикеи иазку анҵамҭа ааныжьуп

Ҧхынгәы 28, Америка Ахаҭарнакратә палата ишьақәнарҕәҕәеит  2020 шықәсазы  «Аҳәынҭқарратәи аҳәаанырцәтәи операциақәеи урҭ ирыдҳәалоу апрограммақәеи » (SFOP)  ирызку  заакәанпроект.

Егьырҭ азҵаарақәа ирываргыланы, азакәанпроект ала иҳәаақәҵоуп  апартниор тәылақәа рыдгылареи рыцхраареи аганахьала Америказы аҧыжәара зауа ахырхарҭақәа. Америка 2022 шықәсатәи абиуџьет аҿы Қырҭтәыла адеокупациеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵамра аполитикеи иазку анҵамҭа ааныжьуп.

Азакәанпроект раҧхьатәи аверсиа инақәыршәаны, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қәырҭтылатәи арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра иазхазҵо иарбан ҳәынҭқарразаалак ацхыраара аиуам. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект аҳәаақәа ирҭагӡаны апартниорцәа ироуа ацхыраара Урыстәыла ала Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара адгыларазы ахархәара ҟалом.

Азакәанпроект инақәыршәаны,  2022  шықәсазы Америка Қырҭтәыла азоунашьҭроуп  132 миллион адоллар афинанстә цхыраара.

Анеҩстәи аетап азы, зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект иадҳәаланы Сенатгьы ахатә версиа еиқәнаршәароуп. Анеҩс, аверсиақәа рыҩбагьы аихшьаала рзуны, анапаҵаҩразы Америка ахада идаргалоит.

Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.