Амедиаторцәа апартиақәа еиқәшаҳаҭхеит ҳәа аарыцҳар, атәыла ахада  Гьаргь  Руруа ашьауҕа иқәылхоит
Амедиаторцәа апартиақәа еиқәшаҳаҭхеит ҳәа аарыцҳар, атәыла ахада  Гьаргь  Руруа ашьауҕа иқәылхоит

Амедиаторцәа апартиақәа еиқәшаҳаҭхеит ҳәа аарыцҳар, атәыла ахада  Гьаргь  Руруа ашьауҕа иқәылхоит,  — Саломе Зурабишвили ари атәы аалыцҳаит ахада лхан аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Гьаргь Руруа  2019 шықәса абҵара 18 рзы даанкылан. Иара амцабџьар закәандарала аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи ихарарҵеит.

2020 шықәса рышәара 30 рзы Қарҭ ақалақьтә аӡбара Руруа ари аус шихароу шьақәырҕәҕәаны, ҧшьышықәса аҭакра иқәырҵеит.