Амедиа ахаҭарнакцәа рықәлареи  "Ҭбилиси Праид" аофис мчыла аҩналареи азы иаанкылоу ааҩык ауааҧсыра ахара рыдырҵеит
Амедиа ахаҭарнакцәа рықәлареи  "Ҭбилиси Праид" аофис мчыла аҩналареи азы иаанкылоу ааҩык ауааҧсыра ахара рыдырҵеит

 

Қырҭтәыла апрокуратура амедиа ахаҭарнакцәа рықәлареи  “Ҭбилиси Праид” аофис мчыла аҩналареи азы иаанкылоу ааҩык ауааҧсыра ахара рыднаҵеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апрокуратура хада.

Апрокуратура аӡбарҭа иадҵаалт  иаанкылоу ауааҧсыра аҧкратә уснагӡатә аҳасабала абаандаҩтәра рықәырҵарц.

«Ҭбилиси Прад» иаҿагылаз акциа амҩаҧгара иазку аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  уажәазы ахара рықәырҵахьеит  16ҩык ауааҧсыра.

Зыӡбахәы ҳәоу аус  аҿы аахақәа зауз ҳәа иҧхьаӡоуп  35 ҩык, урҭ рҟынтә  29ҩык ажурналистцәа роуп.