Алексеи Навальни Москва даннеиҵәҟьа дааныркылеит
Алексеи Навальни Москва даннеиҵәҟьа дааныркылеит

Урыстәылатәи аоппозициа алидер Алексеи Навальни москватәи аҳаирбаҕәаза Шереметиево аҿы дааныркылеит.

BBC аурыс маҵзура адыррақәа рыла, Навальни дааныркылеит Урыстәыла даннеиҵәҟьа. Аполициа аусзуҩцәа, Навальни ицыз  идукат иара иахь днармышьҭит.

Аурыс оппозиционер  Москва днеит Германтәылантә, уаҟа Навальни кыраамҭа иҽихәышәтәуан.