Алеко Елисашвили иҳәамҭала, апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа анапхгара аҭара идаргалеит
Алеко Елисашвили иҳәамҭала, апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа анапхгара аҭара идаргалеит

Аоппозициатә депутат Алеко Елисашвили иҳәамҭала,  2020 шықәса жьҭаара 31 рзы имҩаҧгаз алхрақәа апроцесс ҭызҵаауа апарламенттә ауеилыргаратә комиссиа анапхгара аҭара идаргалеит.

« «Ақырҭуа гәахәтәы» акомиссиа аиҿкааразы ҩымчыбжь рымоуп. Ааи, сара акомиссиа ахантәаҩыс сҟарҵар рҭахуп.  Анапхгаратә гәыҧ ари аҭыҧ сыдаргалеит. Ҳара гәахәарала акомиссиа аусура ҳхы алаҳархәоит», — иҳәеит Елисашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.